Володимир Зеленски - Ауаҩшьрақәеи аибашьра ахыркәшереи ирызку адетальқәа зегьы ҳрылацәажәарц азы ахада Трамп ашәахьаҽны Вашингтон сиԥылоит
Украина ахада Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, ауаҩшьрақәеи аибашьра ахыркәшереи ирызку адетальқәа зегьы рылацәажәарц азы ашәахьаҽны Вашингтон ЕАШ ахада Дональд Трампи диԥылоит. Ари атәы Зеленски асоциалтә ҳаҿы ааицҳаит.
Зеленски иажәақәа рыла, Дональд Трамп иҟны кыраамҭа инагӡоз аҭелтә аиҿцәажәра иман. Зны Трампи Зеленскии мацара еиҿцәажәон, ԥыҭраамҭак ашьҭахь аиҿцәажәара рхы аладыхәит европатәи алидерцәа.
” Ауаҩшьрақәеи аибашьра ахыркәшереи ирызку адетальқәа зегьы ҳрылацәажәарц азы ашәахьаҽны Вашингтон ахада Трампи сиԥылоит”, -иҩит Зеленски.
Зеленски иажәақәа рыла, Украина ЕАШ-и,Урыстәылеи Украинеи хганктәи реиԥылара амҩаԥгара иазку Дональд Трамп иажәалагала адгылоит.