Владимир Зелинскии иадминистрациа Урыстәыла аҟны абаандаҩцәа  реиҭныҧсахлара амҩаҧысра мап ацәыркуеит

 

Украинатә Ахада Владимир Зелинскии иусбарҭа Урыстәыла аҟны абаандаҩцәа реиҭҧыҧсахлара мап ацәикуеит.

Ахада иофис аҟны ишырҳәаз ала, абаандаҩцәа реиҭныҧсахлара макьана имҩаҧырымгацт, апроцесс мҩаҧысуеит. Украинатә ашәарҭадаратә амаҵзура аҟны ирҳәоит, иаанкылоу реиҭныҧсахлара иазкны Москвеи, Киеви рыбжьара аиҿацәажәарақәа мҩаҧысуеит.

Урыстәылеи, Украинеи реиҿацәажәара апроцесс иазкны амедиа аҟны икьыҧхьын. Иаларҵәаз адырра шьақәирҕәҕәеи апрокурор хада Руслан Риабошапка, ацх акыр инеихьаны уи иҩҩит амшынуаа Олег Сенцови, Николаи Карпиуки, Владимир Белухи, Павел Гриби аҩныҟа иҧыруеит ҳәа.

“Ехо Москвы” аредактор хада Алеқсандр Венедиктов иҩит, Урыстәыла аҟнытә абаандаҩцәа аҳаирплан ала ацх акыр инеихьаны Киевҟа инаргит.