Владимир Зеленски - Украинатәи аделегациа, заанаҵтәи азыҳәарақәа рыда, Урыстәыла Украинеи Беларуси рҳәааҿ иаԥылоит
Владимир Зеленски - Украинатәи аделегациа, заанаҵтәи азыҳәарақәа рыда, Урыстәыла Украинеи Беларуси рҳәааҿ иаԥылоит

Украинатәи аделегациа, заанаҵтәи азыҳәарақәа рыда, Урыстәыла Украинеи Беларуси рҳәааҿ, аӡиас Припиати ааигәара шаԥыло ҳаиқәшаҳаҭхеит,  – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Беларус ахада, Александр Лукашенко даниацәажәа ашьҭахь.

Зеленски иажәақәа рыла, Александр Лукашенко иҟынтә ақәыргәыӷра иоуит аиҿцәажәарақәа рахь Украинатәи аделегациа андәықәло, Беларустәи атерриотриаҿ иҟоу аҳаирпланқәеи, аҵәиԥрыгақәеи аракетақәеи зегьы аҭыԥ аҿы шаанхо.