Владимир Зеленски - Киев сықәҵит, аофис аҿы сыҟам ҳәа аинформациа аладырҵәеит, џьаргьы сымцаӡеит, аҭыԥ аҿы сыҟоуп
Владимир Зеленски - Киев сықәҵит, аофис аҿы сыҟам ҳәа аинформациа аладырҵәеит, џьаргьы сымцаӡеит, аҭыԥ аҿы сыҟоуп

Украина ахада Владимир Зеленски “Инстаграм” аҿы авидеонҵамҭа алаирҵәеит, Киев софис аҿы сыҟоуп ҳәа.

Авидеонҵамҭаҿ Зеленски дивагылоуп Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы Андреи Ермак.

“Киев сықәҵит, аофис аҿы сыҟам ҳәа аинформациа аладырҵәеит, џьаргьы сымцаӡеит, аҭыԥ аҿы сыҟоуп, Андреи Борисовичгьы абра дыҟоуп. Ҳара аус ҳуеит, аҩра бзиа иаабоит, аха уажәы иаамҭам,” – иҳәеит авидеонҵамҭаҿ Зеленски.

Уаанӡа украинатәи аихқәа драцәажәеит ахада иаппарат абжьагаҩ аиҳабы Михаил Подолиак, уи ишааицҳаз Владимир Зеленски Киев дыҟоуп, аҳҭнықалақь дықәҵит ҳәа адырра имцуп.