Владимир Зеленски - Ампыҵахалаҩ иԥхыӡгьы иаламшәацызт ацәыӡ ду иоуеит
Владимир Зеленски - Ампыҵахалаҩ иԥхыӡгьы иаламшәацызт ацәыӡ ду иоуеит

Ампыҵахалаҩ иԥхыӡгьы иаламшәацызт ацәыӡ ду иоуеит, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски абрифинг  аҿы.

Украина ахада иажәақәа рыла, Украина арбџьармчқәа аконтржәылара мҩаԥыргоит Харков ааигәара, апозициақәа рыхьоит Миколаиви, Киеви, Чернигови, Суми Донбаси рҿы.

“Урыстәылатәи ар апланқәа рынагӡара алымшеит. Аха ацәыӡ ду амоуп – 10000-ҩык. 18, 20 шықәса зхыҵуа арԥар, ахәыҷқәа. Атәым дгьыл аҿы иззықәԥо ззымдыруа аруаа. Урыстәыла арҭ ауаа, аԥсра акәым, даҽа перспектива аднагалар алшон,” – иҳәеит Зеленски.

Украина ахада ақалақьқәа рыхьчара зылшо зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, иаанханы рҵакырадгьылқәа рыхьчарц.