Владимир  Путини Еммануел Макрони ҭелла еицәажәеит
Владимир  Путини Еммануел Макрони ҭелла еицәажәеит

Урыстәылеи Франциеи рхадацәа Владимир  Путини Еммануел Макрони ҭелла еицәажәеит. Аиҿцәажәара аан Владимир Путин Макрон ишиеиҳәаз ала,  Урыстәыла ажәалагалақәа рзы Америкеи НАТОи аҩырала иҟарҵаз аҭакқәа рҿы   ахадаратә зҵаарақәа хшыҩзышьҭра рызум.

«Ахадаратә зҵаарақәа иатәарымбеит: американцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи ргәаанагара еилаҳкаар ҳҭахын Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаареи  Урыстәыла – НАТОи ахадаратә документқәа рҿы иарбоу ашәарҭадара апринципқәа рыхьчара иазкны. Иарбанызаалак тәылак даҽа тәылак ахарџьла ахатә шәарҭадара арҕәҕәара залшом», — иҳәеит Путин.

Аҭелтә аиҿцәажәараан Путин ишазгәеиҭаз ала,  Москва ироуз аҭак цқьа иҭҵааны,  ҳаҧхьаҟа иҟарҵаша рыӡбоит.