Владимир Путин - Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина имҩаҧырго аоперациа ҷыда мҩаҧысуеит аграфик инақәыршәаны, аурысцәеи украинааи - жәларк роуп, аха, Мрҭашәара Украинаҿ Урыстәыла иаҿагылаша амчқәа аҧнаҵоит
«Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина имҩаҧырго аоперациа ҷыда мҩаҧысуеит аграфик, аплан инақәыршәаны, иқәгылоу аҳасабтәқәа зегьы нагӡахоит», — иҳәеит Урыстәыла ахада Путин ашәарҭадара ахеилак аҿы данықәгылоз.
«Аурыс ар Укриана «анеонацистцәа» ирабашьуеит, дара аҭынчуаа рышьҭахь игыланы рҽырҵәахуеит, убри азоуп абри аҟара аҭынчуаа зҭахаз. Анеонацистцәа атәымуаа атҟәара иргоит. Анхарҭаҩнқәа рҿы атехника хьанҭа дыргылоит. Украина қьырала еибашьуа атәымуаагьы иҟоуп, бжеиҳарала, Ааигәатә Мрагыларантә», — иҳәеит Путин.
Иара ишиҳәаз ала, «аурысцәеи украинааи – жәларык роуп, аха, Мрҭашәара Украинаҿ Урыстәыла иаҿагылаша амчқәа аҧнаҵоит.