Владимир Путин – Урыстәыла,    Аҧсны акомплекстә асоциал-економикатә аҿиаразы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа наҟ-наҟгьы инанагӡоит  
Владимир Путин – Урыстәыла,    Аҧсны акомплекстә асоциал-економикатә аҿиаразы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа наҟ-наҟгьы инанагӡоит  

Урыстәыла,    Аҧсны акомплекстә асоциал-економикатә аҿиаразы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа наҟ-наҟгьы инанагӡоит, иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин тәылақәак рыцҳаражәҳәаҩцәа  рыла агәраргагатә шәҟәқәа рыдкылара ацеремониаҿ данықәгылоз.

Еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа рыгәҭа, Путин иҟынтә агәраргагатә шәҟәы иоуит импыҵахалоу Аҧсны де-факто ацҳаражәҳәаҩгьы.

«Аҧсны ареспублика ҳстратегиатә партниоруп, иаҳзааигәаӡоу ҳгәылоуп.  Сынтәа ҳара акрызҵазкәа арыцхә азгәаҳҭоит  – Урыстәыла ала Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵареи, адипломатиатә еизыҟааазаашьақәа рышьақәыргылареи, Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи инаркны 15 шықәса аҵра.  Урыстәыла,    Аҧсны акомплекстә асоциал-економикатә аҿиаразы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа наҟ-наҟгьы инанагӡоит», — иҳәеит  Владимир Путин.