Владимир Путин - Урыстәыеи ЕАШ-и ирыбжьаз астратегиатә абџьар армаҷра иазку аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҽалархәра ааннакылоит
Урыстәыеи ЕАШ-и ирыбжьаз астратегиатә абџьар армаҷра иазку аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҽалархәра ааннакылоит, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Владимир Путин иажәақәа рыла, адискуссиа азыхынҳәаанӡа, Франциеи Британиа Дуи хықәкыс ирымоу еилыркаароуп.
„Уаҳа ԥсыхәа сымам, иахьа абри аҳәамҭа ҟасҵароуп – Урыстәыеи ЕАШ-и ирыбжьаз астратегиатә абџьар армаҷра иазку аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҽалархәра ааннакылоит. Аиқәшаҳаҭраҟынтә иалҵуам, аҽалахәра ааннакылоит. Адискуссиа ҳазыхынҳәаанӡа, Франциеи Британиа Дуи хықәкыс ирымоу еилаҳкаароуп“, – иҳәеит Путин.