Владимир Путин - Ихшыҩркны ачарҳәара амҩа алызхыз зегьы, бџьаршьҭыхлатәи агылара еиҿызкауаз, атерористтә методқәа алызхыз зегьы ажәлари азакәани рҽҿаԥхьа ирықәнаго рықәҵахоит
Владимир Путин - Ихшыҩркны ачарҳәара амҩа алызхыз зегьы, бџьаршьҭыхлатәи агылара еиҿызкауаз, атерористтә методқәа алызхыз зегьы ажәлари азакәани рҽҿаԥхьа ирықәнаго рықәҵахоит

Атәылауаҩратә еибашьра еиҭалагара ҟалом, ҳажәлари ҳаԥсадгьыли ҳрыхьчоит, – иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада иҟаиҵаз азахырхара ҷыда аан. Путин аурыс ахатәы арратә еилахәыра “Вагнер” ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин ачарҳәаҩ иоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Путин Урыстәыла арбџьармчқәа бџьаршьҭыхлатәи агылара аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рнеитрализациазы адҵа риҭеит.

„Ари ҳажәлари ҳтәылеи рыԥсахроуп. Абри еиԥш ачарҳәара ҟалеит 1917 шықәсазы, усҟан атәыла Актәи адунеитә аибашьра алахәын. Аха аиааира агеит. Аинтригақәеи, аимакқәеи, аполитиканра идуӡӡоу акатастрофа ахылҵит, аҳәынҭқарра еилаҳаит, аҵакырадгьылқәа иаҳцәыҿит, атәылауаҩратә аибашьра алагеит. Аурысцәа, аиашьцәа инибарҵәон. Ари аҟынтә ахырҳагара аполитикатә авантиуристцәа, атәымтә мчқәа рыман. Ари аҭаҟаҵара азин аӡәгьы иаҳҭом. Ҳажәлар ҳахьчоит”, – иҳәеит Путин.

Путин иажәақәа рыла, “ихшыҩркны ачарҳәара амҩа алызхыз зегьы, бџьаршьҭыхлатәи агылара еиҿызкауаз, атерористтә методқәа алызхыз зегьы ажәлари азакәани рҽҿаԥхьа ирықәнаго рықәҵахоит“.

“Вагнер” анапхгаҩы Евгени Пригожин ипрессмаҵзура ателлеграм аҿы аланарҵәаз аудионҵамҭаҿ Пригожин Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра “Вагнер” арратә лагерқәа рганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит ҳәа рхараиҵеит. Пригожин ишахгәеиҭаз ала, ари аҭак азыруеит. Атәылахьчара аминистрра ари афакт мап ацәнакит.  Пригожин алаирҵәаз информациеи аудионҵамҭеи апровокациоуп ҳәа аарыцҳаит.

Урыстәыла ашәырҭадаратә маҵзура “Вагнер” аибашьцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Евгени Пригожин идҵақәа нармыгӡарц. Аларцәара зауз адыррақәа рыла, Москва атехника хьанҭа цәырҵит. Ростов ахь ишьҭуп азкра ҷыдақәа змоу агәыԥқәа.