Владимир Путин - Аахыҵ Кавкази Ааигәатә Мрагылареи рҿы аҭагылазаашьа аицәахара аганахьала уажәгьы ашәарҭара иҟоуп
Аахыҵ Кавкази Ааигәатә Мрагылареи рҿы аҭагылазаашьа аицәахара аганахьала уажәгьы ашәарҭара иҟоуп, — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәараҿы.
«Адунеи аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩу аабоит, Аахыҵ Кавкази Ааигәатә Мрагылареи, Африкеи, адунеи егьырҭ арегионқәеи рҿы аҭагылазаашьа аицәахара аганахьала уажәгьы ашәарҭара иҟоуп», — иҳәеит Путин.
Урыстәылатәи АИХ ринформациа инақәыршәаны, Владимир Путин аблок НАТО арратә активра дазааҭгылеит.