Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи скандинавиатәи атәылақәеи аформатаҿ раҧхьатәи аусуратә еиҧылара мҩаҧган
Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи скандинавиатәи атәылақәеи аформатаҿ раҧхьатәи аусуратә еиҧылара мҩаҧган

Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи скандинавиатәи атәылақәеи аформатаҿ раҧхьатәи аусуратә еиҧылара мҩаҧган. Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәылеи,  Даниеи, Швециеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи Финлиандиа аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи.

Аусуратә аиҧылара мҩаҧган Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Ларс Локе Расмуссен иинициативала.  Ирҭбаау аформатаҿ аиҧылара ашьҭахь, Қырҭтәылеи Даниеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ҩ-ганктәи аформатаҿ еиҧылеит.