Викториа Нуланд - Урыстәыла адунеи  ашәарҭадара иақәмақаруеит, Қырҭтәыла иажәылеит, Молдова анапхгара ирмазҵаакуа  аурыс арратә хәҭақәа гылоуп, Ҟрым аннексиа мҩаԥнагеит, Донбас иажәылеит
Викториа Нуланд - Урыстәыла адунеи ашәарҭадара иақәмақаруеит, Қырҭтәыла иажәылеит, Молдова анапхгара ирмазҵаакуа аурыс арратә хәҭақәа гылоуп, Ҟрым аннексиа мҩаԥнагеит, Донбас иажәылеит

Урыстәыла адунеи аҿы ашәарҭадара ақәмақаруеит, Қырҭтәыла иажәылеит, Молдова анапхгара ирмазҵаакуа, уа урыстәылатәи арратә хәҭақәа гылоуп, Ҟрым аннексиа мҩаԥнагеит, Донбас иажәылеит, – урыстәылатәи аҭыжьымҭа “Тасс” аинтервиу аҿы илҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуҩ Викториа Нуланд.

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуҩ лажәақәа рыла, Урыстәыла ЕАШ хымҩаԥгашьақәак ирыдҳәаланы агәынамӡара аанарԥшуеит, аха ЕАШ-гьы Урыстәыла ахымҩаԥгашьа иадҳәаланы агәынамӡара аанарԥшуеит, убри аҟынтә, Нуланд лажәақәа рыла, аилацәажәарақә реишәа ахатәареи, бџьарла аиқәыршәара апроцессқәа рхылаԥшреи, аибашьра алагара арискқәа рырмаҷреи аҭахуп.

Викториа Нуланд ишылҳәаз, Вашингтон Донбастәи аимак аҭыпқәҵара азҵаараҿ Минсктәи аиқәшаҳаҭра анагӡара иадгылоит, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит асепаратисттә регионқәа арратә цхыраара иаҟәыҵны, Украина ар алыргаларц.