Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан иескорт Германтәыла амҩатә машәыр ақәшәеит, – аанацҳаит германтәылатәи акьыԥхь “Билд”.
Ахҭыс германтәылатәи ақалақь Штутгарт аҟны иҟалеит.
Венгриа аԥыза-министр аҳаирбаӷәазашҟа данцоз, аескорт амашьынеи аполициа амотоциклқәеи еиҿасит. Азакәанхьчаҩцәа руаӡәы дҭахеит, аҩбатәи иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп.
Орбан Германтәыла Европа ачемпионат аҿы дыҟан.