Метехтәи ацҳантә Мтквари аӡиас иҭаҳаз амашьынаҿ ԥсыбаҩк ԥшаауп
Метехтәи ацҳантә Мтквари аӡиас иҭаҳаз амашьынаҿ ԥсыбаҩк ԥшаауп

Метехтәи ацҳантә Мтквари аӡиас иҭаҳаз амашьынаҿ ԥсыбаҩк ԥшаауп.

Аиқәырхаҩцәа амашьына Мквари аҟынтә ҭыргеит.

Ажурналистцәа рахь Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ахаҭарнак, Қарҭтәи абырлацәыхьчаратә маҵзура аиҳабы Леван Муселиани ишааицҳаз ала, амашьынаҿ ԥшаауп арԥыс иԥсыбаҩ.

„Иаха иҳауз адыррақәа рыла, Қарҭ, Метехтәи ацҳантә Мтквари аӡиас амашьына ҭаҳаит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзуун апатрультә полициеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзуреи рхаҭарнакцәа. Сааҭқәак инагӡоз аԥшаара ашьҭахь, аӡааҟәрылаҩцәа амашьына аԥшаара рылшеит. Амашьынаҿ арԥыск иԥсыбаҩ ԥшаауп. Ихьӡ макьана идырым”, – иҳәеит Муселиани.

Иаха,  Қарҭ, Метехтәи ацҳантә Мтквари аӡиас амашьына ҭаҳаит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзуун апатрультә полициеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзуреи рхаҭарнакцәа. Мтквари аԥшааратә усурақәа мҩаԥысуан.