Чехиа ахада амҩатә машәыр дақәшәан, ахәшәтәырҭахь днагоуп

12:40, 24.05.2024

Чехиа ахада Петр Павел амҩатә машәыр дақәшәан, ахәшәтәырҭахь днагоуп.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, амашәыр иарку амототрассаҿ ҟалеит.

Чехиа ахада иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам, аха уи ҩымш-хымш арратә госпиталь аҿы даанрыжьуеит.

Еиԥшу