Васил Маӷлаԥериӡе - Афинанстә-биуџьеттә комитет адаҳгалеит Ауаажәларратә дырраҭара 2021 шықәсатәи аҳа́сабырба, акомитет аканал аусзура ахәшьара бзиа анаҭеит
Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара ахеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡе апарламент афинанстә-биеџьеттә комитет Адырраҭара 2021 шықәсатәи аҳасабырба адигалеит.
Васил Маӷлаԥериӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, 2021 шықәсазы Ауаажәларратә дырраҭара ателе-ефир 70% иоригиналу ақырҭуа аалыҵ ала ихарҭәаан. Маӷлаԥериӡе апандемиаан иаԥҵаз адырраҭарақәа дрыхцәажәеит. Васил Маӷлаԥериӡе апарламент алахәылацәа Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара -Одир агәаанагара рызцәыригеит, уи ала, Ауаажәларратә дырраҭара ахҭысқә раарԥшра аганахьала аобиективла аусура иаҿуп.
Аҳасабырба анцәыригоз, Васил Маӷлаԥериӡе иазгәаиҭеит атехникатә арҿыцра аҵак ду шамоу, иара убас 2023 шықәса инаркны адырраҭара ахыбра ҿыц ахь шииасуа.
„Афинанстә-биуџьеттә комитет адаҳгалеит Ауаажәларратә дырраҭара 2021 шықәсатәи аҳа́сабырба, акомитет аканал аусзура ахәшьара бзиа анаҭеит“, – иҳәеит Маӷлаԥериӡе.