Варшава ақырҭуа ҩы адегустациа мҩаԥысит
Варшава ақырҭуа ҩы адегустациа мҩаԥысит

Аилахәыра Peopl.Pr аԥшьгаралеи, Польша иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара адгылареи рыла Варшава ақырҭуа ҩы адегустациа мҩаԥысит.

Адегустациаҿ 20 иреиҳаны ақырҭуа аҩыҟаҵаратә еилахәырақәа 100 иреиҳаны аҩы ахкқәа цәырыргеит.

Ауснагӡатә иаҭааит 200-ҩык иреиҳаны асасцәа, урҭ рыбжьара иҟан ажуналистцәеи, аблогенцәеи, акоммерциатә сектор ахаҭарнакцәеи. Еиԥшу ауснагӡатә Польша ԥхынгәы мзазгьы мҩаԥгахоит. Ақырҭуа ҩы азы Польша априоритет змоу аекспорттә џьармыкьоуп, Аҩы амилаҭтә агентра ари атәылаҿ ақырҭуа ҩы апопоулиаризациазы 2013 шықәса инаркны еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.