Тини Кокс – Ҳара Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ҕәҕәала ҳрыдгылоит, Урыстәыла адунеитә уаажәларрашҟа ихынҳәыр аҭахызар,  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы ирылҵроуп,  уаҳа ҧсыхәа рымам
Тини Кокс – Ҳара Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ҕәҕәала ҳрыдгылоит, Урыстәыла адунеитә уаажәларрашҟа ихынҳәыр аҭахызар,  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы ирылҵроуп,  уаҳа ҧсыхәа рымам

«Ҳалахәылацәа рпозициа ҧсахшьа амамзароуп, агрессор-тәыла Европа асистематә аганрацәара аилагара азин аҳҭом. Ҳара Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ҕәҕәала ҳрыдгылоит,» — иҳәеит Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахантәаҩы Тини Кокс Реикиавик имҩаҧысуа аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәа  4-тәи асаммит аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла, знымзар-зны адунеитә уаажәларрашҟа ихынҳәыр аҭахызар, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы ирылҵроуп.

«Кремль ахь иҟаҳҵо ацҳамҭа еилыркаап ҳәа сгәыҕуеит, ҳпозициа аҧсахра ҳадазцалаша акгьы шыҟам еилыркаароуп.  Урыстәыла, знымзар-зны адунеитә уаажәларрашҟа ихынҳәыр аҭахызар, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы ирылҵроуп», — иҳәеит Тини Кокс.

Иахьа Реикиавик аартын Европа Ахеилак аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәа  4-тәи асаммит. Асаммит далахәып Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили. Иара асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.