The Times - Киев 400-ҩык қьырала- аибашьҩцәа иҟоуп, урҭ Зеленскии аиҳабыреи рнырҵәара ауп дҵас ирымоу

Киев 400-ҩык қьырала аус зуа аибашьцәа иҟоуп, урҭ Зеленскии иеиҳабыреи рнырҵәара ауп дҵас ирымоу. Ари атәы аанацҳаит The Times.

Британиатәи аих аинформациа ала, урҭ роуп хазхаҭалатәи “Вагнертәи агәыԥ” аибашьцәа. Урҭ хәымз раԥхьа Африкантә Украина иаҭааит Зеленски ишьразы.

Аҭыжьымҭа “The Times” адыррақәа рыла, қьырала аус зуа аибашьцәа рмиссиа иазу аинформациа Украина Аиҳабыра асабшаҽны, ашьыжь роуит, ари иахҟьаны аурыс диверсантцәа рҟынтә ақалақь арыцқбаразы алагалан 36-тәи акоменданттә сааҭ.