Софо Килаӡе Ахәыҷқәа рзинқәа рзы ЕАР Акомитет ахантәаҩыс далхуп. Софо Килаӡе ари атәы илҩит асоциалтә аҳаҿы.
«Ахәыҷқәа рзинқәа рзы ЕАР Акомитет ахантәаҩыс салхра сара сзы ҳаҭыр дууп. Агәрагара сзаазырҧшыз сколлегацәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Адунеии Қырҭтәылеи иҟоу ахәыҷқәа рзы исылшо зегьы ҟасҵоит. Абри аҭакҧхықәра ду ҳтәыла ахаҭарнак иахьианаршьаз даараӡа сеигәырҕьоит», — илҩит Софо Килаӡе.