Словакиа аиҳабыра Украинантәи арыц аимпорт аамҭала иаанныркылеит
Словакиа аиҳабыра Украинантәи арыц аимпорт аамҭала иаанныркылеит

Словакиа аиҳабыра Украинантәи арыц аимпорт аамҭала аанныркылеит.  Ари атәы ааицҳаит Словакиа аҧыза-министр Едуард Ҳегер.

Уаанӡа Польшагьы аӡбара аднакылеит Украинантә арыци егьы ақыҭанхамҩатә аалыҵи аимпорт аанкыларазы. Аҧкра амч амазаауеит рашәара 30-нӡа. Мшаҧы 16 рзы абри аҩызаҵәҟьа аӡбара аднакылеит Венгриагьы.

Евроеидгылаҿ Варшавеи Будапешти рыӡбара акритика азыруит, уаҟа ишырҳәаз ала, абри аҩыза аӡбарақәа ганкала рыдкылара ҟалом, арҭ азҵаарақәа Евроеидгылаҟны еиқәшаҳаҭзароуп.

Польшеи, Венгриеи, Румынтәылеи, Словакиеи,  Болгариеи ишаарыцҳаз ала, арҭ атәылақәа рахь транзитла инарго украинатәи арыц хәҭак аҭыҧантәи аџьырмыкьақәа рҿы иаанхоит, убри амшала, аҭыҧантәи аалыҵ ахә шьҭыҵуеит, афермерцәа азарал роуеит.

Иахьа Варшава,  Польшеи Украинеи ақыҭанхамҩа аминистрцәа реиҿцәажәарақәа мҩаҧган. Украина анапхгара Варшава арыц атранзит иақәшаҳаҭхарц рҭахуп.