Словакиа аԥыза-министр Роберт Фицо дырхәит
Словакиа аԥыза-министр Роберт Фицо дырхәит

Словакиа аԥыза-министр Роберт Фицо дырхәит. Фицо ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Ахҭыс Братислава ааигәара имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара ашьҭахь ҟалеит. Аҭыԥантәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, ари адырра шьақәирӷәӷәеит апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.

Reuters аинформациала, аҭыԥ иҟаз ахаҿы ахысбжьы иаҳан, аполициаа хаҵак дшааныркылаз ибеит.