Швеицариатәи аексперт Иракли Кобахиӡе изцәыригеит аҵаатә аҩхаақәа рыҭҵаара алҵшәақәа
«Аҵааршәқәа ҳтәыла аҧсабаратә беиарақәа иреиуп, аха, аглобалтә аклиматтә аиҭакрақәа раан аҵааршәқәа ашәарҭара рхылҵыр ауеит, шықәсқәак раҧхьа Шови иҟалаз, ахьаа ду ҳзаазгаз арыцҳара ду уи ҳгәаланаршәеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе швеицариатәи аилахәыра GEOTEST аексперт Даниел Тоблер даниҧылоз, ари аиҧылара аҵаатә аҩхаақәа рыҭҵараа алҵшәақәа ирызкын.
Аҵаатә аҩхаақәа рҿы иҟоу ашәарҭара аҭҵаара амзызла 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аиҳабыра аилахәыра GEOTEST аексперт иҟны аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит. Иахьа Даниел Тоблер Иракли Кобахиӡе изцәыригеит аҭҵаарақәа рылҵшәақәа.
Аиҳабыра радминистрациа иаланарҵәаз аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла абри аҩыза аҭҵаарақәа раҧхьаӡа акәны имҩаҧган. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, ишиашо ашәарҭара иҟам, аха, апроблемақәа ахьыҟоу агеографиатә зонақәак аарҧшуп, уаҟа ҳаамҭазтәи амониторингтә системақәа шьақәыргылатәуп.
Сынтәа, етапла, арҭ асистемақәа рышьақәыргылара иалагоит. Ари апроцесс акоординациа азура амзызла, Аиҳабыра радминистрациаҿы еиҿкаахоит аиҳабыратә координациатә механизм, уи иалахәхәоит иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы, дара рызынтәгьы, ркомпетенциақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ари апроцесс иахылаҧшуеит.