Шови, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 32-ҩык рҟынӡа
Шови, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 32-ҩык рҟынӡа

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәа  аԥшааратә усурақәа раан Ҷанҷрахи аӡиас аҿы даҽаӡәы иԥсыбаҩ рыԥшааит, – аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  аҟынтә.

„Онтәи амуниципалитет аҿы аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аԥшааратә усурақәа рангӡоит. Аиқәырхаҩцәа имҩаԥыргоз аԥшааратә усурақәа раан даҽаӡәы иԥсыбаҩ рыԥшааит. Аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ рыԥшаахьеит 32-ҩык рыԥсыбаҩқәа. аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәеи, акинологцәа ргәыԥи, дронқәеи атехника ҷыдеи,” – иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҿы.