Шови, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа инагӡоит
«Аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿгьы, иара убас, аӡиасқәа Чанчахии Рионии аӡышьҭрақәеи, «Гумати ГЕС» иаҧну аҵакырадгьыли рҿы, 100 километр арадиус ала аҧшааратә усурақәа инагӡоит», — иҳәеит Раҷа агубернатор Папуна Маргвелиӡе.
Иара иажәақәа рыла, уажәазы 31ҩык рыҧсабыҩқәа рбахьеит, урҭ рҟынтә 28ҩык рыхьӡқәа еилкаауп.
Папуна Маргвелиӡе иҳәамҭала, аҧшааратә усурақәа инарываргыланы, аҭыҧаҿ аинфраструктура аиҭашьақәыргыларагьы иаҿуп.