Шьалуа Папуашвили – Марта Кос иҵегьы изныкымкәа лсахьаркыратә ҳәамҭақәа еиҭалҳәар лылшоит, ҳара Бриуссель рҳәатәы ҳазыӡырҩызҭгьы, иахьа Қырҭтәыла ақьаад мацараҿ аҳәынҭқаррас иҟазаауан

12:30, 07.10.2026

«Ақьаад мацараҿ  аҳәынҭқаррас аҟазаара ацынхәрас  ақьаад мацараҿ Евроеидгыла алаларазы  акандидатс аҟазаара еиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара Бриуссель рҳәатәы хазыӡырҩызҭгьы, иахьа Қырҭәтыла ақьаад мацараҿ аҳәынҭқаррас иҟалон», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар  Марта Кос иҵегьы изныкымкәа  лсахьаркыратә ҳәамҭақәа еиҭалҳәар лылшоит.

«Бриуссель рыгәра ганы, Урыстәыла ҳаҿагылазҭгьы, Қырҭтәыла, аекономикатә ганахьала, Молдова еиҧшҵәҟьа азарал ду аиуан, Урыстәылаҟны аибашьра алагара ҳақәшәаргьы ауан, убасҟан, Украина еиҧшҵәҟьа ҳтәылагьы еиқәыбгалон. Бриуссель аҿаҧхьа  „иаҳхароу“ акоуп, ҧырхага злоу рыбжьагарақәа ҳарзыӡырҩуам, уи абзоурала ақырҭуа жәлар хырҳагара ду роуеит. Дара ҳарзыӡырҩызҭгьы, иахьа Қырҭтәыла ақьаад мацараҿ аҳәынҭқаррас иаанхон. Марта Кос иҵегьы изныкымкәа  лсахьаркыратә ҳәамҭақәа еиҭалҳәар лылшоит, аха,  ақьаад мацараҿ  аҳәынҭқаррас аҟазаара ацынхәрас  ақьаад мацараҿ Евроеидгыла алаларазы  акандидатс аҟазаара еиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Папуашвили.

Арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта  Кос ақырҭуа журналист изҵаара аҭак аныҟалҵоз илҳәеит: «Ишыжәдыруа еиҧш, Қырҭтәыла ақьаад мацараҿ акандидат астатус амоуп, уи сгәы иалоуп. Иахьа Қырҭтәыла, ақырҭуа жәлар рыдгыларала, Молдовеи Украинеи рыҩаӡараҟны иҟазар сҭахуп».

Еиԥшу