Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа арадиациатә маҭәашьар „Уран“ закәандарала азыҟазаашьа афакт азы, Қырҭтәыла тәылауаҩк дааныркылеи

11:06, 07.10.2026

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аконтрҧшыхәреи аоперациа ҷыдақәеи рзы адепартаментқәа русзуҩцәа еицымҩаҧыргаз аусмҩаҧгатә иалҵшәаны, атомтә маҭәашьар, лымкаала, арадиациатә маҭәашьар  „Уран“ закәандарала азыҟазаашьа афакт азы, Қырҭтәыла тәылауаҩк дааныркылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Амаҵзура адыррақәа рыла, аусеилыргара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  230-тәи ахәҭаҷла, уи ала иазҧхьагәаҭоуп  10 шықәсанӡа аҭакра.

Аусеилыргарала ишеилкаахаз ала, иаанкылоу ауаҩҧсы атомтә маҭәашьар  „Уран-238“  700 000 адоллар ҳәа атәымуаҩ изиҭиир иҭахын.

Еиԥшу