Қарҭ амҩеихысырҭақәа рҿы амҩатә квадратқәа раҳа – Yellow box ашьақәыргылара иалагоит

11:40, 07.10.2026

Қарҭ ахадара Атранспорти аурбантә аҿиареи рзы агентра,  Каха Калаӡе идҵала,  Аҩныҵҟатәи аусқәа римнистрраҟны аусеицура ала,  ақалақьаҿ иҟоу амҩеихысырҭақәа рҿы амҩатә квадратқәа раҳа  ( Yellow box) ашьақәыргылара иалагоит.

Амуниципалитет аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, ари аметод  жәларбжьаратә практикаҿы аларҵәара ду амоуп, амашьынақәа ҷыдала иахьырацәоу амҩеихысырҭақәа рҿы аныҟәара аиҿкааразы  асветофор мацарала аназымхо.

Калаӡе ишазгәеиҭаз ала, ари апроблема аҭыҧқәҵара аҵакы ду амоуп амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара азгьы.

„Жәларбжьаратә практика ишаҳнарбаз ала, амҩеихысырҭақәа рҿы амҩатә квадратқәа  ( Yellow box) ибзиаӡаны аус руеит. Атәылақәа рацәа рҿы,  амашьынақәа ҷыдала иахьырацәоу амҩеихысырҭақәа рҿы аныҟәара аиҿкааразы  асветофор мацарала аназымхо, ари аметод рхы иадырхәоит. Абри аҩыза апроблемақәа рҭыҧқәҵара аҵакы ду амоуп амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара азгьы. Убри аҟынтә, ҳмаҵзура  – Қарҭ Атранспорти аурбантә аҿиареи рзы агентра ахаҭарнакцәа адҵа рысҭар сҭахуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиқәшаҳаҭны, ари азҵааразы аусура иалагарц. Ари аӡбара абзоурала, амашьынарныҟәцаҩцәа  иаҳа аиҭаҵра рзымариахоит ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.

 

 

Еиԥшу