Шарль Мишель – Украина имҩаҧысуа аибашьра Европа аенергетикатә ҭагылазаашьеи аекономикеи азы анырра цәгьа амоуп
Шарль Мишель – Украина имҩаҧысуа аибашьра Европа аенергетикатә ҭагылазаашьеи аекономикеи азы анырра цәгьа амоуп

«Урыстәылатәи агрессиа Европатәи атәылақәа рзы иахылҵыз алҵшәа цәгьақәа иазҧхьагәаҭаны, европатәи аконтитент атәылақәа реидҵареи аполитикатә координациеи амзызла,  ҳара европатәи аполитикатә уаажәларра аиҿкааразы ҳаиқәшаҳаҭхеит », —  иануп Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель жьҭаара  6-7  рзы имҩаҧысраны иҟоу асаммитнӡа Евроеидгыла Ахеилак алахәылацәа ирзишьҭыз ашәҟәы аҟны.

Мишель ишазгәеиҭаз ала, дара хықәкыс ирымоуп еиҟароу аҭагылазаашьақәа рыла алидерцәа зегьы реидкылареи, аполитикатә диалог ацхраареи, атәылақәа зегьы ирзеиҧшу аинтересқәа ирызку азҵаарақәа рзы аусеицуреи, Европа ашәарҭадара арҕәҕәареи, аҭышәынтәалареи азы аусеицуреи.

«Имҩаҧысраны иҟоу еиуеиҧшым аиҧыларақәа раан аҭынчреи ашәарҭадареи ҳалацәажәар ҳалшоит. Украина имҩаҧысуа аибашьра Европа аенергетикатә ҭагылазаашьеи аекономикеи азы анырра цәгьа амоуп. Ҳара ҳхықәкы хада –  аенергиа ахыҵхырҭақәа шәарҭада рхархәара алшара аиқәыршәареи ҳҭаацәарақәеи абизнеси афымцала реиқәыршәареи ауп. Аӡынра ааигәахоит, убри аҟынтә, ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп» , — иануп Шарль Мишель ишәҟәы аҟны.