Шарль Мишель – Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла Евроеидгыла аҭаацәара ишалало, ақырҭуа жәлар ирдыруеит хаҭала сареи Евроеидгылеи ҳадгылара иақәгәыҕыр шрылшо
Шарль Мишель – Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла Евроеидгыла аҭаацәара ишалало, ақырҭуа жәлар ирдыруеит хаҭала сареи Евроеидгылеи ҳадгылара иақәгәыҕыр шрылшо

«Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла Евроеидгыла аҭаацәара ишалало. Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркыло ииашоу аӡбарақәа иаҭаху ареформақәа рынагӡара иацхраауеит», — иҳәеит Европа ахеилак ахада Шарль Мишель Европатәи аполитикатә еидгыла 2-тәи асаммит иалагаанӡа.

Мишель ишиҳәаз ала,  «ақырҭуа жәлар ирдыруеит хаҭала иареи Евроеидгылеи рыдгылара иақәгәыҕыр шрылшо».

«Иааиуа амзақәа рзы алхра иаша аҟаҵаразы  алшара ҿыцқәа цәырҵып ҳәа сгәыҕуеит. Урыстәыла агәы иаахәаша акәымкәа, европатәи ахадаратә принципқәа рышьаҭала Қырҭтәыла аҧеиҧш аргыларазы», — иҳәеит  Шарль Мишель.

Ашықәс анҵәамҭаз Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара алшара иадҳәаланы Шарль Мишель иҳәеит: «Ҳара аконкреттә аполитикатә усхәаҧштә ҳамоуп. Ганкахьала, Евроеидгыла алахәылацәа ибзиаӡаны ирдыруеит ари аиҿкаара арҭбаара ҵакыс иамоу. Еврокомиссиа аҩыратә аихшьаала цәырнагоит аҧхынра ашьҭахь. Еиҭасҳәоит, ашықәс анҵәамҭанӡа ари азҵаара ақәыргылара сгәы иҭоуп».