Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Гьаргь Шарвашиӡе
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Гьаргь Шарвашиӡе диҧылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломат амаҵзура ҿыц идныҳәаланы, иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.
Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Шәамахаьтәылеи аиҩызаратәи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара иақәгәыҕуеит.
Гьаргь Шарвашиӡе, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрраҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа ааникылон, аминистр актәи ихаҭыҧуаҩсгьы дыҟан. Иара убас, аҵарадырратәи арҵаҩратәи усура инапы алакын. 2016 – 2022 шықәсқәа рзы Гьаргь Шарвашиӡе Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аректорс дыҟан. Иара убас, 2004 – 2013 шықәсқәа рзы Будапешт, Иаарту ауаажәларра аинститутаҿ академиатә адгылара апрограмма директорс дыҟан.
Гьаргь Шарвашиӡе – арҵаҩратә ҵарадыррақәа рдоктор, европатәи академиа алахәыла, атәыла ахада лорден «Акаҷҷара» ианашьоуп. Амонографиақәеи аҵарадырратә статиақәеи дравторуп.