Шәамахьтәыла аԥыза-министр иҭыԥ ахь Никол Ԥашиниан икандидатура шьақәырӷәӷәам
Шәамахьтәылатәи ареспублика апарламент алахәылацәа еилатәара ҷыда аҿы атәыла аԥыза-министр ҿыц иҭыԥ ахь Никол Ԥашиниан икандидатура шьақәдмырӷәӷәеит.
Ԥашиниан икандидатура дадгылеит депутатк мацара, хҩык иаҿагылеит, 75-ҩык абжьыҭира рҽацәхьаркит.
Иалагеит изааманым алхрақәа рымҩаԥгараа процедура. Азакәанԥҵаратә еиҿкаараҿ мчыбжьык иалагӡаны аиҳабыра рхантәаҩы далмырхыр, апарламентарцәа иоушьҭны, изаамҭаным алхрақәа аофициалла рыларҳәоит.