Шьамтәыла аладатәи ахәҭа ахырхарҭала Иорданиантә инагӡаз ажәылараан жәаҩык ҭахеит, урҭ иреиуп ахәыҷқәа
Шьамтәыла аладатәи ахәҭа ахырхарҭала Иорданиантә инагӡаз ажәылараан жәаҩык ҭахеит, урҭ иреиуп ахәыҷқәа. Ари аарыцҳаит шьамтәылатәи аихқәеи “Шьамтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа робсерваториеи”.
Шьамтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Иорданиа аҳаиртә жәылара Иорданиа аҳәаа ааигәара, Суваидтәи апровинциа, Арман ақалақь аҿы мҩаԥнагеит. Ажәылараан жәаҩык ҭахеит, урҭ иреиуп ахәыҷқәа, хәҩык аҳәса, хҩык ахацәа.
Иорданиа анапхгара ахаҭарнакцәа ажәылара иазкны аҳәамҭа ҟарымҵаӡеит.
Шьамтәыла аладатәи ахәҭа ду “Хезболла” рнапаҿы иҟоуп.