Шьамтәыла аҭыԥ змаз ажәылараан ԥшьҩык ҭахеит, ихәит 13-ҩык, – аанацҳаит “Роитер”.
Ажәылара Ҳаматәи апровинциаҿ иҟлу Масиаф ақалақь аҿы ҟалеит.
Аҭыԥантәи ахәшәтәырҭа аинформациа ала, ахәрақәа зауз рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Иҟоу адыррақәа рыла, ахимиатә бџьар ахьыҟарҵоз Масиаф иҟоу арратә-ҭҵааратә центр хада изныкымкуа абомбақәа аларыжьит. Ишаарыцҳауа ала, уа абџьар аҟаҵара иалахәын џьамтәылатәи арратә експертцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ.
Шьамтәылатәи аҳәынҭқарратә аихқәа ишаарыцҳаз ала, ажәылара мҩаԥнагеит Израиль. Израильтәи аган ахаҭарнакцәа алкаақәа ҟарымҵаӡацт.