Шьалуа Папуашвили - Саакашвилии Кезерашвилии рҩызцәа Қырҭтәыла изаҩызцәахом
Ажурналистцәа апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили аинтернет ҭыжьымҭа “Квара” аланарҵәаз афотоҭызымҭақәеи адырреи ирызкны азҵаара изықәдыргылеит, аинформациа “Ақоллцентрқәа рус – Курт Волкери Давид Кежерашвили Лондон аҟны реиԥылара иазкын”.
Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, ақырҭуа уаажәларра Кезерашвили иҭоурых ирдыруеит, уи ақырҭуа ар иатәыз аԥара аныхра иадҳәалоуп, иахьа ари ауаҩы иԥарала аполитикеи амедиеи, иҳәынҭқарратәым асектори рықәыӷәӷәара даҿуп.
“Адетальқәа сыздырӡом, аха ак сҳәарц сылшоит – Давид Кезерашвили ақырҭуа политикаҿ имоу ароль зегьы ибзианы ирдыруеит. Ақырҭуа уаажәларра Кезерашвили иҭоурых ирдыруеит, уи ақырҭуа ар иатәыз аԥара аныхра иадҳәалоуп, иахьа ари ауаҩы иԥарала аполитикеи амедиеи, иҳәынҭқарратәым асектори рықәыӷәӷәара даҿуп”, – иҳәеит Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, “Амилаҭтә ҵысра” азаҭарнакцәа ақырҭуа ар, ақырҭуа ажәлар иртәыз хәмиллион евро рыцәӷьычит. Арҭ ауаа рыриашара иаҿу ауаа, Саакашвилии Кезерашвилии рҩызцәа Қырҭтәыла иҩызцәахом.