Шьалуа Папуашвили – Польша ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиԥылареи польшатәи аҳақым ихымҩаԥгашьа иазкны рпозициа аарԥшра арҭ амшқәа рзы шыҟало сақәгәыӷуеит
Аиустициа аминистр Адәныҟатәи аусқәа рминистр иахь ааԥхьара ҟаиҵахьеит, Польша ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиԥылареи польшатәи аҳақым ихымҩаԥгашьа иазкны рпозициа аарԥшра арҭ амшқәа рзы шыҟало сақәгәыӷуеит, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили Апенитенциартә маҵзура иацы аланарҵәаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Апенитенциартә маҵзура ҷыда Михеил Саакашвили иҟны польшатәи аҳақьымцәа рвизит иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа аҿы ишану ала, авизит аан аҭыԥ аман аинцидентк – польшатәи ҳақьымк Михеил Саакашвили иҟынтә иигаз аиуа ақьаад алаиҳәан, иеимаа иҭаҵаны маӡала уи агара иҭахын.
Папуашвили иажәақәа рыла, ирԥхьашьагоу аинцидент ҟалеит.