Шьалуа Папуашвили - Иахьа алхрақәа мҩаԥгахар, "Ақырҭуа гәахәтәы" аиҳара мацара акәым, аконституциатә аиҳара аиуеит
Шьалуа Папуашвили - Иахьа алхрақәа мҩаԥгахар, "Ақырҭуа гәахәтәы" аиҳара мацара акәым, аконституциатә аиҳара аиуеит

Аҭҵаарақәа зегь рыла иубарҭоуп – иахьа алхрақәа мҩаԥгахар, “Ақырҭуа гәахәтәы” аиҳара мацара акәм, аконституциатә аиҳара аиуеит, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла Актәи акана аефир аҿы.

Папуашвили иажәақәа рыла, иахьа “Ақырҭуа гәахәтәы” ареитинг 60% иаҟароуп.

“Ҳара ажәлар рыдгылара шҳамоу иаабоит. Аҭҵаарақәа зегь рыла иубарҭоуп – иахьа алхрақәа мҩаԥгахар, “Ақырҭуа гәахәтәы” аиҳара мацара акәм, аконституциатә аиҳара аиуеит, иахьа ҳреитинг 60% иаҟароуп.

Ажәлар алхтәыс ирымоу ижәбоит – атәылаҿ аҭынчра зыхьчаз, аекономикатә азҳара зыцхрааз “Ақырҭуа гәахәтәи” асанкциа рышьақәыргылареи аибашьра алагареи зҭаху аоппозициеи”, – иҳәеит Папуашвили.