Шьалуа Папуашвили – Европатәи апринципқәа ҳанрылацәажәо, иаҳхамшҭроуп – ақырҭуа ар аҧара рцәиҕьичит ҳәа аӡбарҭала иазхаҵоу Давиҭ Кезерашвили Евроеидгылаҿ иҽиҵәахуеит

17:36, 20.07.2024

Европатәи апринципқәа ҳанрылацәажәо, иаҳхамшҭроуп – ақырҭуа ар аҧара рцәиҕьичит ҳәа аӡбарҭала иазхаҵоу  Давиҭ Кезерашвили Евроеидгылаҿ иҽиҵәахуеит, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Шьалуа Папуашвили ишазәгеиҭаз ала, ақырҭуаа ишеилыркаауа ала, ацәгьауаҩ иҵәахра европатәи апринципқәа ирыҵанакәам.

„Европатәи апринципқәа ҳанрылацәажәо, иаҳхамшҭроуп – ақырҭуа ар аҧара рцәиҕьичит ҳәа аӡбарҭала иазхаҵоу  Давиҭ Кезерашвили Евроеидгылаҿ иҽиҵәахуеит.  Иара ихаҭа ишиҳәаз ала, ақырҭуа ар ирцәиҕьычыз аҧара Қырҭтәылаҿ апартиақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи амедиахархәагақәеи ириҭоит.  Ҳара, ақырҭуаа ишеилаҳкаауа ала, ацәгьауаҩ иҵәахра европатәи апринципқәа ирыҵанакәам“, – иҩит Шьалуа Папуашвили.

 

Еиԥшу