Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла "трио" аҿы аԥхьагылара ахәшьара анаҭар ибзиахоит, аха ари егьыҟарымҵар, ақырҭуа жәлари Евроеидгылеи рҿаԥхьа ҳаламыс цқьазароуп
Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла "трио" аҿы аԥхьагылара ахәшьара анаҭар ибзиахоит, аха ари егьыҟарымҵар, ақырҭуа жәлари Евроеидгылеи рҿаԥхьа ҳаламыс цқьазароуп

“Трио” аҿы аԥхьагылара ауиразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, Евроеидгыла “трио” аҿы аԥхьагылара ахәшьара анаҭар ибзиахоит, аха ари егьыҟарымҵар, ақырҭуа жәлари Евроеидгылеи рҿаԥхьа ҳаламыс цқьазароуп, –иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Еврокомиссиа актәи аҳасабырбаҿ иубарҭан Қырҭтәыла ари аетап аҿы арекомендациақәа шынанагӡаз, иаанхаз арекомендациақәа шырацәам.

Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, ари азинтә зҵаароуп, аҵыхәтәантәи адыррақәа абжьаратә ҳасабырбаҿ иазыԥхьагәаҭамызт

„Аҵыхәтәантәи аԥсахрақәа Венециатәи акомиссиахь ҳашьҭхьеит. Ишыжәдыруа ала, еврокомиссиа аҳәара инақәыршәаны, адеолигархизациа иазку азакәан аанкылоуп, асистематә зныҟәара иадҳәаланы Бриуссель аҟны аимадара ҳабжьоуп.  Ишыжәдыруа ала, Украина ҩрекомендациа мацара нанагӡеит, Молдова – хԥа. Ари аганахьала ахтәылак ртемпқәа еиԥшуп. Апрогресс хада азакәанԥҵаратә зҵаарақәа рыӡбароуп. Еврокомиссиа актәи аҳасабырбаҿ иубарҭан Қырҭтәыла ари аетап аҿы арекомендациақәа шынанагӡаз, иаанхаз арекомендациақәа шырацәам”, – иҳәеит Папуашвили.

Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, “трио” аҿы аԥхьагылара ауиразы иҳалшо зегь ҟарҵоит, Евроеидгыла “трио” аҿы аԥхьагылара ахәшьара анаҭар ибзиахоит, аха ари егьыҟарымҵар, ақырҭуа жәлари Евроеидгылеи рҿаԥхьа ҳаламыс цқьазароуп.