Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Швеицариатәи аконфедерациеи Лихтенштеини рышҟа ддәықәлеит

14:37, 12.03.2024

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Швеицариатәи аконфедерациеи Лихтенштеини рышҟа ддәықәлеит.

Қырҭтәыла апарламент аинформациала, аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуа делегациа хәажәкыра 12-16 рзы аиԥыларақәа мҩаԥнагоит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Швеицариа амилаҭтә хеилак ахада Ерик Нусбаумер диԥылоит. Иара убас, апланқәа ирылоуп анапхгара рхаҭарнакцәа рҟны ҩганкалатәи аиԥыларақәа рымҩаԥгара.

Лихтенштеин аҟны апарламент ахантәаҩы Лихтенштеин аԥыза-министр Дениел Рихи апарламент ахадеи Альберт Фрики дырԥылоит.

Апарламенттә делегациа иалоуп апарламент авице-спикер Гьаргь Кахиани, аиуристтә комитет ахантәаҩы Анри Оханашвили, агәабзиарахьчаратә комитет ахантәаҩы Заза Ломинаӡе, аиҳара алахәыла Қеҭеван Чарквиани.

Еиԥшу