Шьалуа Папуашвили Алило аныҟәара иалахәыз Қьырсаныҳәатәи ахаа-мыхаақәа риҭеит
Шьалуа Папуашвили Алило аныҟәара иалахәыз Қьырсаныҳәатәи ахаа-мыхаақәа риҭеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Алило аныҟәара иалахәыз Қьырсаныҳәатәи ахаа-мыхаақәа риҭан, Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рыдиныҳәалеит.

Алило аныҟәараан еизырго афатәи аалыҵқәеи ахәыҷқәа рыҩнқәеи, азыӡбанагӡаратә усҳәарҭақәеи абыргцәа рхыҵәахырҭақәеи рызнаргоит.

Қырҭтәылaҿ Алило aтрaдициa ишьaҭaркын V-VI aшәышықәсaзы. 2000 шықәсазы aри aтрaдициa еиҭaшьaқәыргылaн Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи иԥшьгарала.