Ицқьаӡоу Ахҩеила ауахәамаҿы  "Алило" азы  аҽазыҟаҵара иаҿуп

Ицқьаӡоу Ахҩеила ауахәамаҿы  “Алило” аныҟәаразы  аҽазыҟаҵара иаҿуп. Сынтәа атрадициатә  «Алило» даҽа форматк аҿы имҩаҧысуеит, аныҟәара мҩаҧысуам.

Адоуҳаныҟәгаҩцәа асааҭ 14:00 рзы Ареспублика ашҭаҿ еизоит, нас, амашьынақәа рыла ақалақь иалсны,  аӡы цқьала  амҩақәа  ирыҧшьоит.