«Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа мариам», — иҳәеит Урыстәыла адныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров шәмахьтәылатәи иколлега Арарат Мирзоиан даниҧылоз.
Лавров иажәақәа рыла, Москва аиҿцәажәаратә процесс аҭагылазашьақәа зегьы рынагӡара рҽазыркуеит.
«Сколлегеи сҩызеи урыстәылатәи украинатәи аделегациақәа реиҿцәажәарақәа шымҩаҧысуа изеиҭасҳәеит. Аиҿцәажәарақәа мариам, аха, ҳара аиҿцәажәаратә процесс аҭагылазаашьақәа зегьы рынагӡара ҳҽазаҳкуеит», — иҳәеит Лавров.