Сергеи Лавров – Владимир Зеленски иҟны аиҿцәажәарақәа рылацәажәарагьы ҟалом, избанзар, иара Урыстәыла анапхгара рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара азакәан ала иқәиҭымитәит
Владимир Зеленски иҟны аиҿцәажәарақәа рылацәажәарагьы ҟалом, избанзар, иара Урыстәыла анапхгара рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара азакәан ала иқәиҭымитәит, – иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалатә апрессконференциаҿы.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, Урыстәыла, Украина азҵааразы аиҿцәажәарақәа ирыдҳәаланы Мраҭашәарантә исериозу ажәалагалақәа рыхәаҧшра иазыхиоуп, аха, абри аҩыза ажәалагалақәа макьана иҟам.
Лавров иажәақәа рыла, Евроеидгыла Америкатә диктат иақәныҟәоит, уи убарҭоуп ажьырныҳәа 10 рзы НАТОи Евроеидгылеи ирыбжьарҵаз адекларациалагьы.