Сербиа ахада Алеқсандр Вучич Қырҭтәыла ивизит иалагеит
Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит Сербиа ахада Алеқсандр Вучич. Иара иҧшәмаҧҳәыси аофициалтә делегациеи ицуп.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Сербиа ахада диҧылеит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили. Лара ишылҳәаз ала, ари авизит атәылақәа рхәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы аҵакы ҷыда амоуп.
„Сербиа ахада ивизит ҳтәылақәа рхәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, зҵакы дуу ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧысуеит. Сербиеи Қырҭтәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра адкыларазы. Хара имгакәа ари аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵап ҳәа ҳгәыҕуеит. Уи атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, Қырҭтәыла аекспорт аизырҳареи, насгьы, инеизакны, ҳтәыла аекономикатә азҳареи иацхраауеит“, – илҳәеит Мариам Ҟвривишвили.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра.