Алан Барсе – Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла аҟамзаара амшала аҭагылазаашьа еиҕьамхеит, зҵаарак иҟоуп, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара аганахьала алҵшәак аиура злаҳалшои, аизолиациа аҭыҧқәҵара акәӡам иаанаго
Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла аҟамзаара амшала аҭагылазаашьа еиҕьамхеит, зҵаарак иҟоуп, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара аганахьала алҵшәак аиура злаҳалшои? Аизолиациа аҭыҧқәҵара акәӡам иаанаго, – иҳәеит Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Алан Барсе.
Естониатәи апарламентари Ерик Линс Қырҭтәыла иадҳәаданы Алан Барсе диазҵааит: „Қырҭтәыла Европатәи ахеилаки, Венециатәи акомиссиеи рыҳәарақәа нанагӡом, дара ирыдыркылаз азакәанқәа раҧыхра рҭахым. Европа Ахеилак шәара шәахь ҩынтә ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәыла иадҳәаданы 52-тәи ахәҭаҷ шәхы иашәырхәарц, аха, шәара уи ҟашәымҵеит. Зҵаарак сымоуп: 52-тәи ахәҭаҷ амч аиурц азыҳәан Қырҭтәыла иҵегьы иҟанаҵарызеи, Европатәи Ахеилак иҟанаҵарызеи?“
Алан Берс ари азҵаара аҭак аныҟаиҵоз иҳәеит: „Ҳара абаланс ҳамазароуп. Ашьаҿа ииаша ҟаҳҵеит ҳәа аҳәара мацара акәӡам аус злоу. Иҟаҳҵо зегьы алҵшәа ахылҵроуп. Уажәы ахәшьараҭара апроцесс ҳҭагылоуп.
Сара Қырҭәтыла азҵаара хшыҩзышьҭра ду азызуеит. Арезолиуциақәа ҳадаҳкылахьеит. Иҳаҩсыз амчыбжь азы аҳасабырба цәырган. Қырҭтәыла адемократиа шьҭахьҟацара ҳгәы ҧнажәоит. Иацы Қырҭтәыла атәылауаҩратә уаажәларра ахаҭарнакцәа сырҧылеит, даргьы ишьақәдырҕәҕәеит аҭагылазаашьа шыуадаҩу. Шәара 52-тәи ахәҭаҷ аӡбахә шәҳәеит, уи амаӡаныҟәгаҩ хада инапаҿы иҟоу ахархәагақәа иреиуп, аха, зҵаарак сымоуп, ари азҵаарагьы аҭак аҭатәуп, абри зегьы алҵшәас иаҳзаанагои? Сара изакәызаалак хархәагак ахархәара сцәыуадаҩым, уи алҵшәас иахылҵуа сазымхәыцуазар.
Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла аҟамзаара амшала аҭагылазаашьа еиҕьамхеит, зҵаарак иҟоуп, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара аганахьала алҵшәак аиура злаҳалшои, аизолиациа аҭыҧқәҵара акәӡам иаанаго. Раҧхьа иргыланы алҵшәас иҳауа ҳазхәыцроуп. Уи апрогресс азы мҩазаҵәуп. Лаҵара 4 рзы Ереван ҳаныҟаз аҧыза-министр Кобахиӡе уи иасҳәеит“, – иҳәеит Алан Барсе.