Бақәа-Қарҭ-Бақәа адәыҕбазы абилеҭқәа рыҭиара иалагоит 30 мшы рцынхәрас, 90 мшы рыла заанаҵы

12:59, 24.06.2026

Бақәа-Қарҭ-Бақәа адәыҕбазы абилеҭқәа рыҭира активтә аамҭа азҳауеит  30 мшы аҟынтә  90 мшынӡа. Ари атәы ааицҳаит Азербаиџьан Апассаџьырцәа рымҩангара адепартамент анапхгаҩы Азер Ҧараџьов.

Иара иажәақәа рыла, Азербаиџьантәи аихамҩаҿ абилеҭқәа раахәара ҟалоит онлаин, иара убас, аихамҩа акассақәа рҿы.

Азер Ҧараџьов иҳәамҭала, уажәазы, Бақәа-Қарҭ-Бақәа амаршрут азы аҭахра ду иҟоуп, убри аҟынтә, абилеҭқәа ирласӡаны ирҭиуеит. Апассаџьырцәа рҭахрақәа рынагӡара амзызла, рашәара 11 инаркны, Бақәа-Қарҭ-Бақәа адәыҕба даҽа вагонк ацырҵеит, абилеҭ ҿыцқәа рыҭира иалагахьеит.

Еиԥшу