Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аоператив-техникатә агентра аделегациа Аофициалтә визитла Америка иҟан
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аоператив-техникатә агентра аделегациа Аофициалтә визитла Америка иҟан. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аделегациа алахәылацәа Акибершәарҭадареи аинфраструктура ашәарҭадареи рзы агентра (CISA) ахаҭарнакцәа ирҧылеит.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа аусбарҭақәа рыбжьара аинформациа аиҭныҧсахлареи, иаҭаххар, еиқәшаҳаҭны ари аинформациа ақәҿыҭреи иалацәажәеит. Иара убас, акиберҭышәынтәалара иадҳәалоу апроектқәеи аинициативақәеи рымҩаҧгара ала аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәагьы ирзааҭгылеит.
CISA хықәкы хадас иамоуп Америка аинфраструктура хада акиберинцидентқәа рҟынтә ахьчареи ари ахырхарҭала аинформациа аиҭныҧсахлара апроцесс акоординациеи амилаҭтә, иара убас, жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны», — иануп аинформациаҿы.