Себастиан Молинеус – Аекономикатә реформақәа русхәаҧштә бзиа ҳамоуп, Адунеи абанк гәахәарыла ари ахырхарҭала Қырҭтәыла иацхраауеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министри сареи аекономикатә аҿиареи аекономикаҿы излагаз ареформақәа рынагӡареи иазкыз аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит, – иҳәеит Аахыҵ Кавказ аҿы Адунеи абанк (WB) арегионалтә директор Себастиан Молинеус Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь.
Аҧыза-министри Адунеи абанк арегионалтә директори реиҧылараҿы ахадаратә ҵакы змаз азҵаарақәа иреиун Қырҭтәылеи Адунеи абанки рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи, апандемиа аан Адунеи абанк ала Қырҭтәыла иазоушьҭыз ацхыраареи, зымҩаҧгара ргәы иҭоу апроектқәеи.
Себастиан Молинеус Иракли Ҕарибашвили Аҧыза-министрс иалхра идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа COVID-19 апандемиа аан Адунеи абанк атәыла иазоунашьҭыз ацхыраара иазааҭгылеит. Аҧыза-министр Адунеи абанк арегионалтә директор ҭабуп ҳәа иеиҳәеит апандемиа аан дара зыҧшра ҟамҵакәа Қырҭтәыла иахьацхрааз азыҳәан. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, абри аҩыза ауадаҩрақәа раан Адунеи абанк аҟынтә Қырҭтәыла иаиуз ацхыраара ҷыдала ахә ршьоит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Себастиан Молинеус ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны апродуктивтә усеицуразы, иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра еиуеиҧшым аекономикатә секторқәа рҿы Адунеи абанк аусура ахә ршьоит, ҷыдала, крызҵазкәа апроектқәа рынагӡара аҧара азоушьҭразы, инеизакны абри аҧаратә аицҵалыҵ 2,7 миллиард адоллар еиҳауп.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа уажәазы зынагӡара иаҿу апроектқәагьы ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Адунеи абанк амшынтә проектқәеи, аенергетикеи ақыҭанхамҩеи асекторқәеи, арегионалтәи амуниципалтәи аҿиареи аҧара азоушьҭра иазҿлымҳауп. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра Адунеи абанк иаҭабууп уажәтәи апортфель азы, уи иаҵанакәеит зынагӡара иаҿу 12 аинвестициатә проектқәа, урҭ ирылаҵоуп 928 миллион адоллар.
„Қырҭтәыла Аҧыза-министри сареи аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ҿыц раҧхьаӡа акәны сиҧылеит. Адунеи абанк ахьӡала абри амаҵзураҭыҧ аанкылара идысныҳәалоит. Аекономикатә аҿиареи аекономикаҿы излагаз ареформақәа рынагӡареи ҳалацәажәеит. Иара убас, акоронавирус амшала атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьеи авакцинациа апрограммеи ҳазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан иҟалар зылшо ахҧатәи ацәқәырҧа аҟынтә Қырҭтәыла ауааҧсыра рыхьчара аҿы Адунеи абанк ацхыраара аҵакы. Зегьы реиҳа ихадоу – атәыла иаамҭаны иацҵаны авакцина аиуроуп. Атәыла аиҳабыра ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит ақыҭанхамҩа, аҵара, агәабзиарахьчара, ауаҩытәыҩсатә капитал уҳәа, ахадаратә ҵакы змоу аусхкқәа рҿы аструктуратә реформақәа рымҩаҧгаразы аҭакҧхықәра шрыду, уи даараӡа сеигәырҕьеит. Уи адагьы, аконкуренциеи ареформақәеи ирызку азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, ареформақәа рымҩаҧгаразы аусхәаҧштә бзиа ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Адунеи абанк, абри ахырхарҭала гәахәарыла Қырҭтәыла иацхраауеит. Аҵыхәтәаны, ауаҩытәыҩсатә капитал ҳалацәажәеит. Уи, Қырҭтәыла аҧеиҧш иазку кыраамҭатәи астратегиа аиқәыршәаразы ахадаратә ҵакы змоу афакторқәа иреиуп. Зыӡбахәы ҳәоу астратегиа анагӡараҿы Қырҭтәыла ҳацхраауеит. Абри апроцесс аҿы алагала ҟаҳҵоит иашьашәалоу адиагностикатә анализи уи амҩаҧгаразы иаҭаху ахархәагақәа реиқәыршәареи ала”, – иҳәеит Себастиан Молинеус аиҧылара ашьҭахь.